Wn/ab/Аҧснытәи аспортсменцәа зхы иақәиҭу аиқәҧаразы Урыстәыла Аҧхьахәгара рхы аладырхәуеит

From Wikimedia Incubator
< Wn‎ | ab
Wn > ab > Аҧснытәи аспортсменцәа зхы иақәиҭу аиқәҧаразы Урыстәыла Аҧхьахәгара рхы аладырхәуеит

Зхы иақәиҭу аиқәҧаразы Урыстәыла Аҧхьахәгара алкааратә турнируп. Уи аихшьаалақәа рыла, Европеи адунеи раҧхьахәқәа рахь Урыстәыла еизгоу акоманда аилазаара шьақәыргылахоит.

Аҟәа. Мшаҧымза 23. Аҧсныпресс. Иркутск ақалақь, аспорттә комплекс “Байкал-Арена” аҿы, 2002-2004 шықәсқәа рзы ииз арҧарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәҧаразы Урыстәыла Аҧхьахәгара хацыркхеит. Атурнир ашҟа иааит Урыстәыла афедералтә округқәа рҟынтәи 450-ҩык инарзынаҧшуа иҕәҕәаӡоу аиқәҧаҩцәа.

Аицлабратә ҧшьымш ирылагӡаны аспортсменцәа 11 акапантә категориақәа рҿы еиҳа иҕәҕәаӡоу иалкааразы еиндаҭлоит. Аҧхьахәгара рхы аладырхәуеит ф-ҩык аҧснытәи аспортсменцәагьы: 60 кьыла иҟоу рҟынӡа акапантә категориа иаҵанакуа Даниил Харчлаа, Ричи Сыҷынаа, Даниел Гәымба, 65 кьала иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа – Мураҭ Кокосқьериа, 71 кьыла акапантә категориа иаҵанакуа – Богдан Багаҭелиа, 80 кьыла акапантә категориа иаҵанакуа – Денис Қәаранӡиа.

Зхы иақәиҭу аиқәҧаразы Урыстәыла Аҧхьахәгара алкааратә турнируп. Уи аихшьаалақәа рыла, Европеи адунеи раҧхьахәқәа рахь Урыстәыла еизгоу акоманда аилазаара шьақәыргылахоит. Европа Аҧхьахәгара мҩаҧгахоит Италиа, рашәарамза 17-23 рзы, адунеи Аҧхьахәгара – ҧхынгәымза 29 инаркны нанҳәамза 4 рҟынӡа Болгариа имҩаҧгахоит.

Аспортсменцәа азыҟарҵоит Ҭемыр Џьопуа, Игорь Бераиа, Размик Алабиан, Дауҭ Лазба.